Жозеф Боррель - Абнақәа былуеит, Словениеи Қырҭтәылеи адгьылҳәазара амшара аԥхасҭа ду роуит, аклимат аԥсахрақәа иреалуп
Жозеф Боррель - Абнақәа былуеит, Словениеи Қырҭтәылеи адгьылҳәазара амшара аԥхасҭа ду роуит, аклимат аԥсахрақәа иреалуп

Абнақәа былуеит, Словениеи Қырҭтәылеи адгьылҳәазара амшара аԥхасҭа ду роуит, аклимат аԥсахрақәа иреалуп, – асоциалтә каҭаҿы абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи рполитика азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель.

Жозеф Боррель иажәақәа рыла, Евроеидгыла аԥхасҭа зауз ауааԥсыра ирыдгылоит.

„Аԥхын азы аԥсабаратә рыцҳарақәа адунеи зегь аҿы ауааԥсыра рыԥсҭазааразы ашәарҭа ду аанарԥҽуеит. Адгьылбжьаратә мшын агаҿы абнақәа былуеит. ловениеи Қырҭтәылеи адгьылҳәазара амшара аԥхасҭа ду роуит, аклимат аԥсахрақәа иреалуп, ари афакт мап ацәкра ҟалом, ари аглобалтә шәарҭоуп. Евроеидгыла аԥхасҭа зауз ирыдгылоит“, – иҩит Боррель.

Шови адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 18-ҩык рҟынӡа, 17-ҩык рыԥшаара иаҿуп.

Қырҭтәыла аҵакыраҿ нанҳәа 7 алахьеиқәҵаратә мшуп.