Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы кандидатцәас иҟалар рҭаххеит 19 ҩык
Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы кандидатцәас иҟалар рҭаххеит 19 ҩык

Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы кандидатцәас иҟалар рҭаххеит 19ҩык. Абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Қырҭтәыла  апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы акандидатцәа алызхуа ахәшьараҭаратә гәыҧ алахәылацәа  арзаҳалқәа азҭаз ауааҧсыра зегьы рдыррақәа гәаҭаны, жьҭаара 13нӡа  ахәшьара рырҭароуп.

«Ишаадыруа ала, арҭ ауаа 4 критериак рыла ахәшьара роуеит  — арепутациеи, аиаша адгылареи, аҵареи, аҧышәеи. Кандидатцәас иҟалар зҭаху ауааҧсыра жьҭаара 13нӡа ахәшьара рырҭоит, анеҩс,  аполитикатә гәыҧқәеи афракциақәеи, жьҭаара 21нӡа, ркандидат дықәдыргылоит. Ишыжәдыруа ала, анеҩстәи аетапахь аиасразы бжьҩык иреиҵамкәа акандидатцәа иҟазароуп», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.