Жәлар рыхьчаҩ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟалҵеит аҭынчуаа ирықәлаз ауааҧсыра раарҧшра иалагарц
Жәлар рыхьчаҩ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟалҵеит аҭынчуаа ирықәлаз ауааҧсыра раарҧшра иалагарц

Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа лҳәамҭала, лара зыҧсҭазаареи згәабзиареи иазымхәыцкәа, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧысуаз ахҭысқәа аазырҧшуаз ажурналистцәа дрыдгылоит.

Нино Ломџьариа  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟалҵеит аҭынчуаа ирықәлаз ауааҧсыра зыҧшра ҟамҵакәа раарҧшра иалагарц.

Жәлар рыхьчаҩ ишазгәалҭаз ала,  иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы азинхьчаҩцәа абри аҩыза афактқәа иахәҭоу ақәҿыҭра рырҭомызт.