Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи араунд ҧхынҷкәын  10-11 рзы имҩаҧысуеит
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи араунд ҧхынҷкәын  10-11 рзы имҩаҧысуеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи араунд ҧхынҷкәын  10-11 рзы имҩаҧысуеит. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, ақырҭуа делегациа алахәылацәа Урыстәылатәи афедерациеи ампыҵахалатә режимқәеи рзакәандаратә ауранагӡара азҵаара иқәдыргылоит.

Аминистрра адыррақәа рыла, ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа  ҷыдала иазааҭгылоит закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара.

«Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭоит Урыстәылатәи афедерациа  ала амца аанкылара аиқәшаҳаҭра анагӡара ахымҧадара. 51тәи араунд аҿы излацәажәо атемақәа иреиуп Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа шәарҭада аҩныҟа  хырхынҳәра азҵаарагьы», —  иануп Аадәныҟатәи аусқәа рминистрра аинфомациаҿы.