Тоиво Клаар - Евроеидгылаҿ ргәы шаанаго ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат хьчатәуп
Тоиво Клаар - Евроеидгылаҿ ргәы шаанаго ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат хьчатәуп

Евроеидгылаҿ ргәы шаанаго ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат хьчатәуп, – иҳәеит Аладатәи Кавказ аҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда, Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы Тоиво Клаар.

Клаар иажәақәа рыла, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат Украинаҿ аибашьра анцо аамҭазы аҵак ҷыда амоуп.

„Женеватәи аиҿцәажәарақәа иуникалу форматуп. ҳазҭагыло аамҭа цәгьақәа раан, Украина ицо аибашьра аан абри еиԥш аформатқәа рацәаны имҳамаӡам. Евроеидгылаҿ ргәы шаанаго ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат хьчатәуп. Абри агәаанагара иақәшаҳаҭуп ахантәаҩцәеи алахәылацәеи зегьы. Женеватәи аформат иабзоураны  иҳабжьоу аимадарақәа ҳрыхьчоти. Зегь реиҳа ихадароу факт  – адискуссиа амҩаԥгара ауп. Уи иабзоураны апозициақәа, агәаанагарақәа реиҭныԥсахлара, аҭагылазаашьа ахәшьараҭара“, – иҳәеит Тово Клаар.