Беқа Ӡамашвили – Жәларбжьаратәи аӡбарақәа рықәҵарақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы даараӡа иҳацхраауеит  
Беқа Ӡамашвили – Жәларбжьаратәи аӡбарақәа рықәҵарақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы даараӡа иҳацхраауеит  

«Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵакы ҷыда рымоуп, избанзар, уи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи ампыҵахалатә цәаҳәеи рҿы ауаҩы изинқәа реилагара афактқәа ирласӡаны рықәҿыҭреи рыӡбареи азы  зҵакы дуу форматуп», — иҳәеит аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ  Беқа Ӡамашвили, иара Женева имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа  58-тәи араунд далахәып.

Иара иажәақәа рыла,  Страсбургтәии Гаагатәи аӡбарҭақәа рықәҵарақәа аиҿцәажәарақәа раан ақырҭуа аган даараӡа ирыцхраауеит.

«Азакәанла ишьақәырҕәҕәоуп аилагарақәа зегьы Урыстәыла ишахароу, абарҭ ақәҵарақәа рышьҭахь ҳара хазы иҟоу аинцидентқәа ҳрылацәажәоит, аамҭакала иаҵшьны иазгәаҳҭоит  жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рықәҵарақәа шынагӡатәу. Жәларбжьаратәи зин Қырҭтәыла иадгылоит», — иҳәеит  Ӡамашвили.