Женеватәи аиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд уаҵәы мҩаԥгахоит
Женеватәи аиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд уаҵәы мҩаԥгахоит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд уаҵәы, Швеицариаҿ мҩаԥгахоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рӡы ақырҭуа ган фпунктк рынагӡара апринциптә зҵаара иқәнаргылоит.

„Ихадароу араунд иаҳзыԥшуп, адунеи Европеи рҿы ашәарҭадаратә фон аныԥсаххаз, Қырҭтәылаҿгьы аҭагылазаашьа цәгьахеит.  Ари афон аҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд ақак ҷыда амоуп. Иқәҳа́ргылоит 6 пунктк рынагӡара азҵаареи ашәарҭадаратә зҵаарақәеи, адеоккупациеи, Црыстәылатәи афедерациа арратә хәҭақәа ралгареи, ахҵәацәа рырхынҳәреи”, -иҳәеит Дарсалиа.