Жәабран 15 инаркны Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии аклассқәа рҿы аҵаратә процесс иалагоит

Жәабран 15 инаркны Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии аклассқәа рҿы аҵаратә процесс иалагоит, — аиҳабыра реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

«Жәабран  15 инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара ҳхәыҷқәа аклассқәа рҿы аҵаратә процесс нарыгӡоит. Қарҭгьы, Русҭавигьы, Қәҭешьгьы ахәыҷқәа ашколахь ицоит», —  иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.