Зеленски - Амц рҳәоит, џьаргьы сымцаӡеит, абџьар ашьҭаҵара ҳгәы иҭам, ҳҳәынҭқарра ахьчара наҳагӡоит

Украина ахада Влалимир Зеленски асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы авидеонҵамҭа алаирҵәеит, уи ахада иофис аԥхьа дгылоуп.

“Шьыжь бзиа, Украина атәылауаа! Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә каҭақәа рҿы имцу аинформациақәа аладырҵәоит ҳаруаа абџьар ашьҭаҵаразы адҵа рысҭеит, сықәҵит ҳәа. Абра сыҟоуп, џьаргьы сымцаӡеит, абџьар шьҭаҳҵом. Ҳаԥсадгьыл ҳахьчоит. Ҳабџьар ҳиашара ауп, ари ҳадгьыл аус, ҳаԥсадгьыл ауа, ҳахшара роуп. Нагӡара ақәзааит Украина!” -ааицҳаит Зеленски.