Хәажәкыра 31 рзы Саломе Зурабишвили  шықәсыктәи аҳасабырбала апарламентаҿ дықәгылоит
Хәажәкыра 31 рзы Саломе Зурабишвили  шықәсыктәи аҳасабырбала апарламентаҿ дықәгылоит

Хәажәкыра 31 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  шықәсыктәи аҳасабырбала апарламентаҿ дықәгылоит. Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ари атәы ааицҳаит апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿы.

Папуашвили иҳәамҭала, атәыла ахада лҟны ари арыцхә азы еиқәшаҳаҭҳахьеит, ҳазну амчыбжь азы асессиақәа мҩаҧысуам, убри аҟынтә, Саломе Зурабишвили аҳәара ҟалҵоит хәажәкыра 31 рзы изаамҭаным аилатәара ааҧхьаразы.