Хара имгакәа, Қырҭтәыла  авакцина  «Sinopharm» аиуеит
Хара имгакәа, Қырҭтәыла авакцина  «Sinopharm» аиуеит

Хара имгакәа, Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра, авакцина  «Sinopharm» аиуеит, — илҳәеит  агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара ишылҳаз ала, иааиуа амшқәа рзы,  абри китаитәи авакцина, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара азин аиуеит, анеҩс,  Қырҭтәылаҟа уи аагара ҟалоит.

Уажәазы британиа-шведтәи аилахәыра «Astrazeneca» авакцина ҟарҵахьеит 5 нызқьҩак иреиҳаны атәылауаа. Уаҵәы инаркны авакцинациа апроцесс нагӡахоит америкатә вакцина  «Pfizer» ала. Иҳаҩсыз амчыбжь азы атәыла,   «Pfizer» авакцина  14 500 адозақәа аиуит.