Франциа иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара ахымҧадара иаҧыхуп, Норвегиагьы акарантинтә аҧкрақәа реиҳара иаҧыхуп
Франциа иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара ахымҧадара иаҧыхуп, Норвегиагьы акарантинтә аҧкрақәа реиҳара иаҧыхуп

Франциа иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара ахымҧадара иаҧыхуп, Норвегиагьы акарантинтә аҧкрақәа реиҳара иаҧыхуп.

Франциа аиҳабыра рыӡбарала, иахьа инаркны, аконцерттә залқәеи, аспорттә аицлабрақәеи, егьырҭ ауснагӡатәқәеи рахь анеира ҟалоит. Жәабран 16 инаркны Франциа ҵхыбжьонтәи аклубқәагьы аадыртуеит. Атәылаҿы  76% ауааҧсыра авакцинациа наӡа иахысхьеит.

Иара убас, Норвегиа аиҳабыра аарыцҳаит акоронавирус аштамм  «омикрон» ишшәарҭам, убри аҟынтә, авакцинациа арбага ду афонаҿ аҧкрақәа раҧыхра ҟалоит. Норвегиа авакцинациа наӡа иахысхьеит  74% ауааҧсыра.