Ажьырныҳәа 1-нӡа алаҵа ҟазҵо атәанчуаа зныктәи ацхыраара ҳасабала  200 лари роуеит
Ажьырныҳәа 1-нӡа алаҵа ҟазҵо атәанчуаа зныктәи ацхыраара ҳасабала  200 лари роуеит

Ажьырныҳәа 1-нӡа алаҵа ҟазҵо атәанчуаа зныктәи ацхыраара ҳасабала  200 лари роуеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Иахьа инаркны ажьырныҳәа 1-нӡа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҟазҵо атәанчуаа зегьы зныктәи ацхыраара ҳасабала  200 лари роуеит. Аҧаратә ацҵатә роуеит актәи алаҵа аныҟарҵалакь, ҧынҷкәын 1 инаркны», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.