Урсула фон дер Лаиен  - Евроеидгыла Украина иадҳәаланы аҭоурыхтә аӡбара аднакылараны иҟоуп
Урсула фон дер Лаиен  - Евроеидгыла Украина иадҳәаланы аҭоурыхтә аӡбара аднакылараны иҟоуп

Еврокомиссиа ахада  Урсула  фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, Евроеидгыла Украина иадҳәаланы аҭоурыхтә аӡбара аднакылараны иҟоуп.

Еврокомиссиа ахада ари аҳәамҭа ҟалҵеит Киевнтә Польшаҟа даныхынҳәы.

«20 шықәса рышьҭахь, абарҭ ахҭысқәа ангәалаҳаршәалак, ииашаны иҟаҳҵеит ҳәа ҳҳәаратәы ҳҟалап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит  фон дер Лаиен.

Лара лажәақәа рыла, Евроеидгыла иалоу атәылақәа Евроеидгыла асаммит хдыркәшароуп иаку апозициа ала. Лара ишазгәалҭаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Украина ақәҿиарақәа аман, аха ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп.

Рашәара 11 рзы Еврокомиссиа ахада Украина ахада Владимир Зеленски диҧылан, изаалыцҳаит  Евроеидгыла алаларазы Украина иҟанаҵаз азыҳәамҭа ахәаҧшра шхдыркәшо иааиуа амчыбжь анҵәамҭазы.