Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина 4,3 миллионҩык ахәыҷқәа ихҵәацәахеит
Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина 4,3 миллионҩык ахәыҷқәа ихҵәацәахеит

Урыстәылатәи агрессиа амшала Украина 4,3 миллионҩык ахәыҷқәа ихҵәацәахеит.

Ари атәы аанацҳаит Иунисеф.

ЕАР ахәыҷтәы фонд аинформациа инақәыршәаны,  Украина инхоз  7,5 миллионҩык ахәыҷқәа рҟынтә 4,3 миллионҩык ахҵәара иақәшәеит, урҭ рҟынтә  1,8 миллионҩык атәылантә ибналеит.

«Зыӡбахәы ҳәоу аибашьра Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь адунеи аҿы зегьы реиҳа идуу  ахәыҷқәа рмассатә ахҵәара ахылҵит. Абри афакт  игыло абиҧара рзы кыраамҭатәи алҵшәа цәгьақәа ахылҵыр ауеит», — илҳәеит Иунисеф агенералтә директор Кетрин Рассел.

Иара убас,  Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Иреиҳаӡоу акомиссар иофис аинформациала,  Украина аибашьра иалагеижьеи атәылаҿы иҭахеит  78ҩык ахәыҷқәа,  105ҩык ахәыҷқәа ахәрақәа роуит,  араҟа иарбоуп ЕАР ззышьақәырҕәҕәара  аиуз афактқәа мацара.