Урыстәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Шәамахьтәыла  Ашьхатә Ҟарабах аҟынтәи ауаа ралгара аплан иалацәажәоит
Урыстәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Шәамахьтәыла  Ашьхатә Ҟарабах аҟынтәи ауаа ралгара аплан иалацәажәоит

 

Шәамахьтәыла, Ашьхатә Ҟарабах аҟынтәи ауаа ралгара аплан иалацәажәоит, —  Урыстәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Вардан Тогониан ари атәы ааицҳаит арадиостанциа  «Ицәажәоит Москва» аинтервиу аҿы.

Ашәамахь дипломат иҳәамҭала, арегион аҿы аҭагылазаашьа иҵегьы ицәгьахар, Ашьхатә Ҟарабах аҟынтә ауаа ралгаразы агуманитартә корридор еиҿыркаауеит.

Ереван ишаарыцҳаз ала,  аиҿагылараан  Ашьхатә Ҟарабах арбџьармчқәа рҟынтәи даҽа  28ҩык аруаа ҭахеит. Инеизакны, Ашьхатә Ҟарабах арбџьармчқәа рҿы иҭахеит  59ҩык аруаа.