Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала.

Аоппозициатә партиа  «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа ишырҳәаз ала,   «Ақырҭуа гәахәтәы» активистцәа Гуриа инеиз  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ирықәлеит.

Апартиаҿ ишырҳәаз ала,   аиҿагылара иалагеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа аҭыҧантәи ауааҧсыра аброшиурақәа анрырҭоз.

«Ақырҭуа гәахәтәы» ақалақьтә аиҿкаара ахантәаҩы, ақалақь ахадара ахантәаҩы  Иракли Куҷава ари ахараҵара дақәшаҳаҭым.

«Авидеонҵамҭаҿ избаз ала, уаҟа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылакгьы дыҟамызт. Дара аимак рыбжьалеит ақыҭанхамҩатә џьармыкьа ааигәара.  Акадрқәа рҿы дубарҭоуп уи аамҭаз уаҟа иҟаз афракциа ахантәаҩы, аха, иара ари аимак далахәымызт. Дара  ари афакт  «Ақырҭуа гәахәтәы» ирхарарҵар рҭахуп. Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи адепутатцәеи уаҟа иҟамызт», — иҳәеит  Иракли Куҷава.