Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ азакәанхьчаҩцәеи апартиа "Ахали" алидерцәеи еиҿагылеит
Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ азакәанхьчаҩцәеи апартиа "Ахали" алидерцәеи еиҿагылеит

Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ азакәанхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит.

Азакәанхьчаҩцәа апарламент ахыбра ашҟа аҩналара зҭахыз апартиа “Ахали” (“Аҿыц”) алидерцәа Ника Гварамиеи, Гика Мелиеи, Бачо Долиӡеи атерриториа аҟынтә ралгара ианақәырк, аиҿагылара ҟалеит.

Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуа аҿагыларатә акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, апарламент ахыбра иакәыршаны, адепутатцәа адәылҵҵра алшара рырҭом.

Апарламент апленартә аилатәараҿ „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҩбатәи аԥхьара мҩаԥысуеит.

Апарламент ахыбра ааигәараза азакәанхьчаҩцәа амобилизациа рзууп.