Аиустициа аминистр данықәгылоз апарламент аилатәараҿ аиҿагылара ҟалеит
Аиустициа аминистр данықәгылоз апарламент аилатәараҿ аиҿагылара ҟалеит

Аиустициа аминистр данықәгылоз Қырҭтәыла апарламент аилатәараҿ аиҿагылара ҟалеит. Аҭагылазаашьа цәгьахеит Рати Брегаӡе Михеил Саакашвили изкны Страсбургтәи аӡбарҭа аднакылаз ӡбара данахцәажәоз. “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Ҭина Бокучава Рати Брегаӡе амцҳәаҩ уоуп ҳәа иалҳәеит.

Рати Брегаӡе ихаҭыԥуаҩ Беқа Ӡамашвили диҳәеит Саакашвили иазку Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара икьыԥхьны, аоппозициаа аткест ихаду ахәҭақәа амаркер ала ирзаҵишьырц. Ари ахылҵит аиҿагылара,адепутатцәа еицәҳаит.

Апарламент аҿы атехникатә ааҭгылара рыларҳәеит.