Илҳам Алиеви Ентони Блинкени аҭелтә еиҿцәажәараан Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеи
Илҳам Алиеви Ентони Блинкени аҭелтә еиҿцәажәараан Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеи

Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени аҭелтә еиҿцәажәараан Ҟарабахтәи арегионаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәеи.

„Ахада Илҳам Алиев иаҵшьны иазгәеиҭеит абарҭ ахҭысқәа,  цәыббра  9 Азербаиџьан Ҟарабахтәи арегионаҿ апрезиденттә алхрақәа рымҩаҧгарагьы уахь иналаҵаны,  Шәамахьтәылеи уи ала еиҿкаау асепаратисттә аиҿкаарақәеи Азербаиџьан ахьыҧшымра иаҿагыланы имҩаҧырго апровокациа шакәу.

Азербаиџьан ахада ишиҳәаз ала,  абри аҩыза апровокациақәа рҽацәыхьчаразы,  Азербаиџьан ари арегионаҿ антитеррористтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ақәшәеит.

Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит  антитеррористтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгараан аҭынчуааи аинфраструктуратә обиектқәеи ишрықәымло,  иқәхуп алегитимтә арратә обиектқәа мацара“, – иануп Азербаиџьан ахада иадминистрациа иаланарҵәаз аҳәамҽаҿы.

Иара убас, Азербаиџьан ахада ишиҳәаз ала,  ашәамахьаа абџьар шьҭарҵаз,   „антитеррористтә уснагӡатәқәа“ аанкылахоит.

Алиеви Блинкени реиҿцәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә департаментгьы.

„Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Азербаиџьан ахада ҭелла диацәажәан,  иара иахь ааҧхьара ҟаиҵеит Ашьхатә Ҟарабахаҿ зыҧшра ҟамҵакәа  ақәҧара аанкыларазы. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит аибашьрала ари азҵаара аҭыҧқәҵара шыҟамло, иара иажәақәа рыла, аганқәа  аиҿцәажәара  еиҭалагароуп. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала,  Азербаиџьан ахаҭарнакцәеи Ашьхатә Ҟарабах иқәынхо ауааҧсыреи хымҧада,  зыҧшра ҟамҵакәа еиҧылароуп“, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент аспикер Метиу Миллер.