Reuters – Ашьхатә Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 68ҩык рҟынӡа, 300ҩык иреиҵамкәа аахақәа роуит,  105ҩык хабарда иӡит  
Reuters – Ашьхатә Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 68ҩык рҟынӡа, 300ҩык иреиҵамкәа аахақәа роуит,  105ҩык хабарда иӡит  

Ашьхатә Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 68ҩык рҟынӡа. Ари атәы аанацҳаит агентра Reuters.

Агентра адыррала,  аинцидентаан 300ҩык иреиҵамкәа аахақәа роуит,  105ҩык хабарда иӡит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, аҭыҧантәи ауааҧсыра, арегион алҵра рылшарц азыҳәан, абылтәы рзыршон, убри аҟынтә, ари аҭыҧаҿ ауаа рацәа еизеит.   Аҧжәара зыхҟьаз макьана еилкаам.

Reuters ишану ала, Ҟарабахнтә Шәамахьтәылаҟа инеихьеит  28 120ҩык.