Қарҭ Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз руаӡәы дҭахеит
Қарҭ Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз руаӡәы дҭахеит

Қарҭ Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз ҧшьҩык руаӡәы дҭахеит. Қырҭтәыла Актәи аканал ари аинформациа азышьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра амаҵзураҿы.

Иахьа Қарҭ, Боҷорма амҩа N12 аҿы, ахысырҭа ахьыҟоу аҭыҧаҿ аҧжәара ҟалеит. Хҩык ҭахеит, даҽа хҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп.