Қарҭ  «АИХқәа рыдгыларатә марш» мҩаҧысуеит
Қарҭ  «АИХқәа рыдгыларатә марш» мҩаҧысуеит

Қарҭ  «АИХқәа рыдгыларатә марш» мҩаҧысуеит. Амарш алахәылацәа афилармониа аҧхьа еизан, Русҭавели имҩаду ашҟа идәықәлоит.

Акциа алахәылацәа Мзиа Амаҕлобели адгылара лзаадырҧшуеит,  иара убас,  АИХқәа рхаҭарнакцәа рганахьала амчылара иақәыӡбоит.

Амарш алахәылацәа ирку аплакатқәа ирнуп: «Ацензура мап ацәаҳкуеит», «Ихьшәахаанӡа шәықәҧа»; «Мзиа Амаҕлобели ҳлыдгылоит»; «АИХқәа рзы ахақәиҭра».