Каха Лабучиӡе  - Вазисубани иҟалаз аҧжәара амшала хҩык аахақәа роуит, ҭаацәарақәак нхарҭада иаанхеит, рызынтәгьы анхараҭақәа рыла реиқәыршәара ҳазыхиоуп  
Каха Лабучиӡе  - Вазисубани иҟалаз аҧжәара амшала хҩык аахақәа роуит, ҭаацәарақәак нхарҭада иаанхеит, рызынтәгьы анхараҭақәа рыла реиқәыршәара ҳазыхиоуп  

«Ҳгәы ишаанаго ала, Вазисубани аҧжәара ҟалеит аҧсабаратә газ ацәцара амшала. Аҧжәара ахьыҟалаз ауада дыҩнан зықәрахь инеихьоу ҧҳәыск, уажәы лара ахәышәтәырҭа дҭоуп», — иҳәеит Қарҭ Сакребуло амажоритартә депутат  Каха Лабучиӡе.

Лабучиӡе ишиҳәаз ала,  аҧжәара амшала хҩык аахақәа роуит.

«Сара ишыздыруа еиҧш, арҭ ауаа ирдыруан аҧсабаратә газ андыркуазгьы ианоурыжьҭуазгьы. Ауаа заанаҵы агәҽанҵара рыҭан. Агаз иоурыжьҭит асааҭ 15:00 рзы, зыӡбахәы ҳәоу ауадаҿ иҟалаз сызшәаҳәом. Азарал зауз аҭаацәарақәа ашәҟәы рынҵара ҳаҿуп.  Рызынтәгьы иахьаҵәҟьа анхарҭа раҳҭар ҳҭахуп, дара руадақәа дырҽеиаанӡа», — иҳәеит  Лабучиӡе.

Қарҭ Вазисубани актәи амикрораионаҿ аҧжәара ҕәҕәа ҟалеит.