Вазисубани, анхарҭатә корпус аҿы иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз руаӡәы дыҧсит
Вазисубани, анхарҭатә корпус аҿы иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз руаӡәы дыҧсит

Вазисубани, анхарҭатә корпус аҿы иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз руаӡәы дыҧсит.

Иҧсыз аҧҳәыс Хечинашвили ихьӡ зху аклиника дҭан. Ишдыру ала, лара дзыҩназ ауадақәа рҿоуп зны аҧжәара, нас, абылра  ахьыҟалаз.

Аҧхжәара ахьыҟалаз аҭыҧантә Хечинашвили ихьӡ зху аклиникашҟа инагаз хҩык апациентцәа рҟынтә егьырҭ ҩыџьа хар рымамкәа иҟоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, анхарҭатә корпусаҿ аҧжәара ҟалеит аҧсабаратә газ ацәцара амшала. Акорпус иҩноу ауааҧсыра ишырҳәаз ала, иацы ркорпусаҿ апланла иазҧхьагәаҭаз агәаҭаратә усурақәа мҩаҧыргон, убри аҟынтә аҧсабаратә газ иаркын.