Китаи ресторанк аҿы иҟалаз аҧжәара амшала  26ҩык аахақәа роуит, ҩыџьа ҭахеит
 Китаи ресторанк аҿы иҟалаз аҧжәара амшала  26ҩык аахақәа роуит, ҩыџьа ҭахеит

АИХқәа рдыррақәа рыла, Китаи ресторанк аҿы иҟалаз аҧжәара амшала ҩыџьа ҭахеит, 26ҩык аахақәа роуит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла ари аҧжәара агаз ацәцара иахҟьахеит.

Аинцидент ҟалеит  80 километ рыла Пекин иацәыхараны иҟоу анхарҭатә пункт аҿы, аҧжәара убас иҕәҕан,  ааигәара иҟаз ахыбрақәеи амашьынақәеи аҧхасҭа роуит.