Никол Ҧашиниан – Иааиуа амшқәа рзы Ашьхатә Ҟарабахаҿ шәамахькгьы дҟалом  
Никол Ҧашиниан – Иааиуа амшқәа рзы Ашьхатә Ҟарабахаҿ шәамахькгьы дҟалом  

«Иааиуа амшқәа рзы Ашьхатә Ҟарабахаҿ шәамахькгьы дҟалом», —   иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан.

Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, «ашәамахьцәа Ашьхатә Ҟарабах иалҵуеит Азербаиџьан имҩаҧнаго аетникатә рыцқьара амшала».

«Анализ инақәыршәаны, иааиуа амшқәа рзы Ашьхатә Ҟарабахаҿ шәамахькгьы дҟалом. Уи аетникатә рыцқьареи мчыла аҧсадгьыл ақәцареи актуп, ҳара жәларбжьаратәи уаажәларра изныкымкәа уи раҳҳәахьеит. Ашьхатә Ҟарабах имҩаҧысуа аетникатә рыцқьара ақәыӡбаратә ҳәамҭақәа аҵакы ду рымоуп, аха,  арҭ аҳәамҭақәа аконкреттә ауранагӡара рыцымзар, урҭ аҭоурыхаҿ аморалтә статистика аҳасабала иаанхоит», — иҳәеит Ҧашиниан.

Уажәазы иҟоу аинформациала, Ҟарабах иқәҵхьеит  65 000ҩык иреиҳаны.