Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацәаҿ, украинатәи аҳәаа иазааигәаны арратә ҳаирплан  "Су-24" каҳаит
Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацәаҿ, украинатәи аҳәаа иазааигәаны арратә ҳаирплан  "Су-24" каҳаит

Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацәаҿ, украинатәи аҳәаа иазааигәаны арратә ҳаирплан  “Су-24” каҳаит. Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХқәа.

Амчтә страктурақәа рҟны агентра  «ТАСС» ишазаарыцҳаз ала, апилот аҳирпланынтә  аҧара илшеит. Иара иҭагылазаашьа идырым.

Аҳаирплан анкаҳа амца ацралеит. Аҭыҧаҿ аус руеит аусеилыргаратә гәыҧи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура ахаҭарнакцәеи.