Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра америкатәи асенатор Линдси Грем иԥшаара алагеит
Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра америкатәи асенатор Линдси Грем иԥшаара алагеит

Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра америкатәи асенатор Линдси Грем иԥшаара алагеит. ВВС аинформациа ала, иара иҩԥшаара иалагеит ашьауӷа закәанеидкыла шьаҭас аҭаны.

„Америкатәи асенатор Урыстәыла аҿагыларатә иҳәамҭақәа рфакт” шьаҭас аҭаны аԥшаара алагаразы адҵа ҟаиҵеит аԥшааратә комитет анапхгаҩы Александр Бастрикин

Аԥшаара мзызс иҟалеит Украина ахада иҟны аиԥылараан Грем иҟаиҵаз аҳәамҭа зныԥшуа авидеонҵамҭоуп. Аха, ВВС аинформациа ала, ишеилкаахаз ала авидеонҵамҭа аредакциа азуун.