Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Херсонтәи аокруг зегьы рнапаҿы иҟоуп

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Украина иаҵанакуа Херсонтәи аокруг зегьы рнапаҿы иҟоуп. ВВС адыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра апресспикер Игор Конашенков.

Украинатәи аихқәа ари афакт иазкны адырра ҟарҵом.

Херсонтәи аокруг аҿы урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа ирҿагыланы аҭыԥантәи уааԥсыра акциа мҩаԥыргоит.