Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра британиатәи аколлегацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  "апровокациатә ауранагӡара иаҟәыҵырц"
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра британиатәи аколлегацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  "апровокациатә ауранагӡара иаҟәыҵырц"

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа адезинформациа ахьӡаҵаны, Лондон ахь ааҧхьара ҟарҵеит  «апровокациатә аҳәамҭақәа рыҟаҵара иаҟәыҵырц».

«Британиа Ду ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апровокациатә аурангаӡареи ииашам аинформациа аларҵәареи иаҟәыҵны, ататар-монголтә аџьамыҕәа ҭырҵаарц», —  иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Уажәааны Британиа Ду иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Урыстәыла анапхгара Украина апроаурыс анапхгаҩы дықәдыргылар рҭахуп, убри азыҳәан  Украина ажәлареи ампыҵахалареи ргәы иҭоуп. Британиа Ду адыррақәа рыла, ари аҭыҧ азы апотенциалатә кандидатуп Украина ҧасатәи адепутат Евгени Мураев.