Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа иашьҭанеиуа аиҭнырыҧсахлара ашьҭахь, рхы иақәиҭуп 60-ҩык украинатәи аруаа
Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа иашьҭанеиуа аиҭнырыҧсахлара ашьҭахь, рхы иақәиҭуп 60-ҩык украинатәи аруаа

Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит. Украина ахада иофис ахада Андреи Ермак иинформациа ала, рхы иақәиҭуп 60-ҩык украинатәи аруаа, урҭ иреиуоуп “Азовстали” Мариуполи рыхьчаҩцәа.

Ермак идыррақәа рыла, рхы иақәиҭыртәи 34-ҩык мариупольтәи ахьчаҩцәеи 14-ҩык “Азовсталь” ахьчаҩцәеи, арратә маҵзуҩцәеи. Уарҭ урыстәыла анапаҿы иҟоу аиланхарҭа Еленовкаҿ иҟан.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, рхы иақәиҭуп 60-ҩык аурыс арратә маҵзуҩцәа.