Украинатәи аҧшыхәара адыррақәа рыла, Виктор Ианукович Минск дыҟоуп, Кремль иара аоперациа ҷыда азы дазыҟарҵоит
Украинатәи аҧшыхәара адыррақәа рыла, Виктор Ианукович Минск дыҟоуп, Кремль иара аоперациа ҷыда азы дазыҟарҵоит

Украинатәи аҧшыхәара адыррақәа рыла, Украина ҧасатәи ахада Виктор Ианукович  Беларусь аҳҭнықалақь Минск дыҟоуп, Кремль иара аоперациа ҷыда азы дазыҟарҵоит.

Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны,  Ианукович  «Украина ахадас» дҟарҵар рҭахуп.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу аинформациа алагьы иубарҭоуп Кремль,  Ианукович Украинаҟа ихынҳәра иазкны аҳәамҭа ма иара ихьӡала аукраин жәлар рахь ааҧхьара аҟаҵаразы аконкреттә информациатә операциа ма ауранагӡаразы аҽазыҟаҵара ишаҿу.