Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Донецки Харкови реиланхарҭақәа абомбақәа рыларыжьит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Донецки Харкови реиланхарҭақәа абомбақәа рыларыжьит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Донецки Харкови реиланхарҭақәа абомбақәа рыларыжьит. Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Донецктәи аобласт аҿы ҩыџьа ахәрақәа роуит. Аиланхарҭа Малотарановка афронт 30 км рыла иацәыхароуп. Ақалақь Купианск ацентртә раион ахырхарҭала аицтҟьаратә аракетатә система рхы иадырхәит.

Украинатәи ар аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла украинатәи аруаа Урыстәыла 60 жәылара ирҿагылеит, ақәԥарақәа нагӡоит. Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа ажәылара напыгӡоит Лимани, Авдеевкеи, Маринкеи рхырхарҭала.