Украинатәи АИХ ишаарыцҳаз ала, Гиули Аласаниа Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Саакашвили Украинаҟа дирхынҳәырц
Украинатәи АИХ ишаарыцҳаз ала, Гиули Аласаниа Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Саакашвили Украинаҟа дирхынҳәырц

Михеил Саакашвили иан, Гиули Аласаниа Украина ахада, Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Саакашвили Украинахь дирхынҳәырц. Аласаниа авидеоааԥхьара “Феисбук” аҿы ҟалҵеит.

“Сара, Миша Саакашвили иан соуп. Уаҳа ԥсыхәа сымам. Сара сԥа дыршьуеит. Ҳаҭыр зқәу Зеленски иахь ааԥхьара ҟасҵоит, уи изныкымкуа дҳацхраахьеит, иахьа ицхыраареи идгылареи даҽазнык ҳҭахуп. Михеил Украинахь дхынҳәҭәуп, ара ишиқәнаго еиԥш амедицинатә цхыраара изаадырԥштәуп, деиқәхтәуп.

35 мш ҵуеит дымлашьуеижьҭеи. Ари аӡәгьы даргәамҵуам. Уи абахҭатә хәышәтәырҭа идаргалоит, уа иашьашәалоу аспециалистцәа рымам апациент еиқәдырхарц азы. Сшәықәгәыӷуеит, украинатәи жәлар, адепутатцәа, Украина анапхгара рахь ааԥхьара ҟасҵоит, аԥхьаӡа иргыланы ҳаҭыр зқәу Зеленски иахь,” – аалыцҳаит Гиули Аласаниа.