Украина Испаниантә 20 кәалӡмашьынақәеи "Леопард" атип змоу ԥшьтанкки аиуеит
Украина Испаниантә 20 кәалӡмашьынақәеи "Леопард" атип змоу ԥшьтанкки аиуеит

Украина Испаниантә 20 кәалӡмашьынақәеи “Леопард” атип змоу ԥшьтанкки аиуеит, – аалыцҳаит Испаниа Атәылахьчара аминистр Маргарита Роблес “Раммштаин аформат” аҿы Украина атәылахьчраатә аимадаратә гәыԥ аиԥылара аҿы.

Иара убас, Испаниантә Украина адәытә госпитальгьы аиуеит. Украинатәи арратә ҳақьымцәеи амедперсонали иашьашәалоу азыҟаҵарақәа Испаниа ирхысуеит.

Маргарита Роблес лажәақәа рыла, атәыла Украина адгылареи ацхыраара ааршреи нанагӡоит.