Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Ҳтәылауаа ирабжьаагоит Украинаҟа имнеирц, Украина иҟоу атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа Укриана иалҵырц
Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Ҳтәылауаа ирабжьаагоит Украинаҟа имнеирц, Украина иҟоу атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа Укриана иалҵырц

Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ақалақь Винница аганахьала имҩаҧыргаз аракетатә аахара ашьҭахь,  Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа Америка атәылауаа ирыбжьанагеит Украинаҟа имнеир, уажәазы атәылаҿы иҟоу Америка атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа атәыла иалҵырц.

«Украина зехьынџьара ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьоуп, Урыстәыла ажәыларақәа нанагӡоит.  Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа Америка атәылауаа ирыбжьанагоит Украинаҟа имнеир, уажәазы атәылаҿы иҟоу Америка атәылауаа, уи шәарҭамзар, хазхҭалатәи адгьылтә транспортла  зыҧшра ҟамҵакәа атәыла иалҵырц», – иануп ацҳаражәҳәарҭа адырраҿы.

Иацы аурыс арбџьармчқәа аракетақәа рыла  украинатәи ақалақь Винница иаахеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 23ҩык, ахәыҷқәагьы нрылаҵаны.  100ҩык еиҳаны аҭынчуаа аахақәа роуит, урҭ рҟынтә 54ҩык цәгьала иҟоуп.