Украина   Евровизиа  2022 аҿы аиааираа агеит
Украина   Евровизиа  2022 аҿы аиааираа агеит

Амузыкатә конкурс  «Евровизиа  — 2022» аиааира агеит украинатәи агәыҧ «Kalush Orchestra». Убри аҟынтә, анеҩстәи Евровизиа ари атәылаҿы имҩаҧысуеит.

Қырҭтәылантә ажиури иреиҳаӡоу рыхәшьара  — 12 абаллқәа Британиа Ду аиуит, ари атәыла аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара,  Евровизиа аконкурс аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә жиури  иқәдыргылаз ахәшьара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәыла амилаҭтә жиури, иреиҳаӡоу ахәшьара 12 абаллқәа иқәыргыланы, Украина актәи аҭыҧ анаршьеит. Уи зыршаҳаҭуа анотариустә официалтә документ иҟоуп. Ауаажәларратә дырраҭара анапхгара, аконкурс Евровизиа аиаҿкааҩцәа рҟны  ари азҵаара адетальқәа реилкаара иаҿуп.

Евровизиа афинал аҿы аиааира иазықәҧон Франциеи, Британиа Дуи, Германтәылеи, Италиеи, Испаниеи ахаҭарнакцәа.

Евровизиа аконцертқәа ишиашо ицоз аефир ахәаҧшцәа ирыднагалеит Қырҭтәыла Актәи аканал.