Украина ажәылара мҩаԥыргар, Џьо Баиден Владимир Путин иганахьала аперсоналтә санкциақәа изышьақәирӷәӷәар ҟалоит
Украина ажәылара мҩаԥыргар, Џьо Баиден Владимир Путин иганахьала аперсоналтә санкциақәа изышьақәирӷәӷәар ҟалоит

ЕАШ ахада Џьо Баидер ишааицҳаз ала, Украина ажәылара ҟалар, ЕАШ Владимир Путин иганахьала аперсоналтә санкциақәа изышьадырӷәӷәар ҟалоит. Ари атәы аанацҳаит АВС news.

“Амчқәа зегь рыла ажәылара иалагар, ари Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь зегь реиҳа идуӡӡоу жәыларахоит, уи адунеи арԥсахуеит,” – иҳәеит Баиден.

ЕАШ ахада иажәақәа рыла, ЕАШ Украина ар адәықәҵара ргәы иҭам.

“ЕАШ Нато амчқәа Украинашҟа ашьҭра рҭахым, аха аескалациа ҟалар, Урыстәылазы иџьбароу аекономикатә санкциақәа алаҳгалоит,” – иҳәеит Џьо Баиден.ა