Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳаз, Каховкатәи аӡкыра аԥжәара ашьҭахь иҟалаз аӡхыҵраан Херсонтәи аобласт аҿы иҭахеит ԥшьҩык, хабарда иӡит 13-ҩык
Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳаз, Каховкатәи аӡкыра аԥжәара ашьҭахь иҟалаз аӡхыҵраан Херсонтәи аобласт аҿы иҭахеит ԥшьҩык, хабарда иӡит 13-ҩык

Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Игор Клименко ишааицҳаз, Каховкатәи аӡкыра аԥжәара ашьҭахь иҟалаз аӡхыҵраан Херсонтәи аобласт аҿы иҭахеит ԥшьҩык, хабарда иӡит 13-ҩык.  Аԥсыҭбарақәа иҟоуп Миколаевтәи аобласт аҿгьы.

Аӡхыҵра алҵшәақәа рликвидациатә усурақәа дызхагылоу Игор Клименко ишазгәеиҭаз, аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Херсонтәи аобласт аҿы аевакуациа рзыруит 2412-ҩык.

Аевакуациаан аурысцәа иаадыртыз ахымца амзызла иҭахеит 11-ҩык.

Каховкатәи аӡкыра аԥжәара амзызла аӡы рхыҵәеит 48 аиланхарҭақәа, урҭ рҟынтә 14 – импыҵахалоу аҵакырадгьыл аӡы. Миколаевтәи аобласт аҿы аӡы рзыҵәеит 23 аиланхарҭа.