Урыстәылатәи аган Каховкатәи аӡкыра аԥжәара украинаа ирхарарҵоит
Урыстәылатәи аган Каховкатәи аӡкыра аԥжәара украинаа ирхарарҵоит

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз аҵх азы украинатәи ар рбомбақәыжьра иахҟьаны иқәхын Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа хыхьтәи ахәҭа. Урыстәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, аицтҟьаратә амца ареактивтә система “Ольха” аҟынтә нагӡан.

Новая Каховка ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, аӡкыра аҿышәркыга ԥхасҭахеит, аха аӡкыра аԥхасҭа амоуит.