Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура -  Каховкатәи аӡкыра аилаҳара амзызла, аӡиас аладахьала иҟоу аиланхарҭақәа рҿы аӡы шьҭыҵуеит
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Каховкатәи аӡкыра аилаҳара амзызла, аӡиас аладахьала иҟоу аиланхарҭақәа рҿы аӡы шьҭыҵуеит

Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ишаанацҳаз, Каховкатәи аӡкыра аилаҳара амзызла, аӡиас аладахьала иҟоу аиланхарҭақәа рҿы аӡы шьҭыҵуеит. Аусҳәарҭа аинформациа ала, аӡаҵаҟа иҟоу 50 рҟынӡа аиланхарҭақәа.
Херсон ақалақь аҿы аӡы аҳаракыра 5.5 метр иаҟароуп. Украина анапхгара ишаарыцҳаз,  аӡиас Днепр арӷьаратәи агаҿантә ҩнызқьҩык рҟынӡа аевакуациа рзыруит, урҭ ируп 103-ҩык ахәыҷқәа. Аиқәырхаҩцәа 300-ҩык реиқәырхара ирылшеит.