Украина Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Нато ахь алалара иаауа ашықәс азы дазыԥшуп
Украина Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Нато ахь алалара иаауа ашықәс азы дазыԥшуп

Украина Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Нато ахь алалара иаауа ашықәс азы дазыԥшуп. Алексеи Резников ари иҳәеит CNN аинтервиу аҿы.

Алексеи Резников иажәақәа рыла, уи иаауа ашықәс азы имҩаԥысран иҟоу Нато асаммит Украина алианс алалара аамҭас иԥхьаӡоит.

“Издыруада, ари амш Украиназы ихадароу мшны ҟалар ҟалап. Ари сара спозициа мацароуп”, – иҳәеит аминистр.

Украина Атәылахьчара аминистр ишазгәеиҭаз, Украина алианс алалара аибашьра ахыркәшара ашьҭахь мацара алшоит. Резников ишааицҳаз, иаауа аԥхын аҟынӡа Украина хымԥада аиааира агара алшоит.