Украина ақырҭуа аибашьҩы дҭахеит
Украина ақырҭуа аибашьҩы дҭахеит

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гиорги Зақарашвили ишааицҳаз, Украина ақырҭуа аибашьҩы Гиорги Григолиа дҭахеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, адетальқәа идырым.

Заанаҵтәи адыррақәарыла, Григолиа Донецктәи аокруг аҿы, Бахмут ааигәара дҭахеит.

Урыстәыла Украинаҿ иалагаз аибашьраҿ иҭахеит 13-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.