Украина Апрокуратура хадаҿы ишаарыцҳаз ала,  атҟәара иргаз аурыс ампыҵахалаҩцәа рзы алагерқәа еиҿыркаауеит
Украина Апрокуратура хадаҿы ишаарыцҳаз ала,  атҟәара иргаз аурыс ампыҵахалаҩцәа рзы алагерқәа еиҿыркаауеит

Украина атаҟәара иргаз аурыс ампыҵахалаҩцәа рзы ҷыдалатәи алагерқәа еиҿкаахоит.  Би-би-си иалҭаз аинтервиу аҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит атәыла апрокурор хада  Ирина Венедиктова.

Лара лажәақәа рыла, алагерқәа реиҿкаареи атҟәацәа амедицинатә цхыраара рыҭареи Женеватәи аконвенциала иазҧхьагәаҭоуп.

Иара убас,  арратә атҟәацәа рызҵаарақәа рзы аусура иалагоит азинхьчаратә орган ҷыда  – Арратә азинхьчаратә маҵзура.