Украина апрокуратура хада - Урыстәыла Украинаҿ зымҽхак ҭбаау бџьаршьҭыхлатәи агрессиа илагеижьҭеи,иҭахеит 546-ҩык ахәыҷқәа
Украина апрокуратура хада - Урыстәыла Украинаҿ зымҽхак ҭбаау бџьаршьҭыхлатәи агрессиа илагеижьҭеи,иҭахеит 546-ҩык ахәыҷқәа

Урыстәыла Украинаҿ зымҽхак ҭбаау бџьаршьҭыхлатәи агрессиа илагеижьҭеи,иҭахеит 546-ҩык ахәыҷқәа, – аарыцҳаит Украина апрокуратура хада аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ахәрақәа роуит 1330-ҩык ахәыҷқәа.

Зегь реиҳа идуӡӡоу аԥхасҭа роуит Донецктәи, Харковтәи, Херсонтәи, Днепропетровсктәи, Киевтәи, Запорожиетәи Николаевтәи аобластқәа. Украина апрокуратура хада адыррақәа рыла, ари иҵыхәтәантәим дыррақәоуп.