Украина Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы  -  Урыстәыла  55 нызқьҩык еиҳаны ацәыӡхьеит,  60 нызқьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит,  Москва ареалтә ацәыӡ аадырҧшуам
Украина Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы  -  Урыстәыла  55 нызқьҩык еиҳаны ацәыӡхьеит,  60 нызқьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит,  Москва ареалтә ацәыӡ аадырҧшуам

Украина Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы, аинрал Николаи Маломуж Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы Урыстәыла ареалтә ацәыӡ иазкны аинформациа алаирҵәеит.

Иара иажәақәа рыла, «Урыстәыла  55 нызқьҩык еиҳаны ацәыӡхьеит,  60 нызқьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит,  10% мацароуп аусура азыхынҳәра зылшо, 90 наӡына ршьапқәеи рнапқәеи хҵәоуп».

Украинатәи аинрал ишиҳәаз ала,  Москва ареалтә ацәыӡ аадырҧшуам.

Иара убас, Николаи  Маломуж ишиҳәаз ала,  Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылаҿы ирылеиҳәаз амобилизациа  — аҧсеизгара иеиҧшуп.

«Ари аамҭа шааиуаз аадыруан, избанзар, Путин аибашьра даналагоз, агрессор иқәхреи Урыстәылаҿ арежим ахҳәареи азы аҭагылазашьақәа зегьы еиқәиршәеит. Урыстәыла арезервқәа рызхом. Путин ибоит анеҩстәи амзақәа рзы Урыстәыла иаҵахар шыҟало. Макьана акгьы даламгазшәа ҳирбар иҭахуп, аха, аиааира злаигаша арезервқәа имам», — иҳәеит  Маломуж.