Украина, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  04:00 инаркны, аҳаиртә шәарҭара рылаҳәоуп
Украина, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  04:00 инаркны, аҳаиртә шәарҭара рылаҳәоуп

Украина, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  04:00 инаркны, зымҽхак дуу  аҳаиртә шәарҭара рылаҳәоуп.  Аурыс арбџьармчқәа Киеви, Хмелинцки, Одессеи, Житомир араионқәа  аракетақәа рыларыжьит.

Одесса араионаҿ имҩаҧгаз аҳаиртә жәылара амшала аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Ақалақь анапхгара рҳәамҭала, Киев аҳаиртә жәыларақәа зегьы қәҿиарала иаҧырхит.

Урыстәыла имҩаҧнагаз аҳаиртә жәылара амшала, Херсон ақалақьаҿ хҩык ҭахеит. Иҭахаз дреиуп 5 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы. Амедиа адыррала, ракетак Херсонтәи араион Зеленовка ақыҭан иҟоу адәқьан ааигәара икаҳаит, уаагьы хҩык ахәрақәа роуит.