Украина Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит  87ҩык аиқәырхаҩцәа
Украина Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит  87ҩык аиқәырхаҩцәа

 

Ҭырқәтәыла иҟалаз арбгаратә адгьылҵысра алҵшәақәа раҧыхра амзызла, Украина Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит  87ҩык аиқәырхаҩцәа.

АИХ адыррақәа рыла, ари атәы иануп әжабран 7 рзы Украина аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵараҿы.

Украина аиҳабыра рҳәамҭала, украинатәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵеит аҳаирпланқәа  Ан-32-и Ан-26-и, иара убас, автомобилтә транспорти рыла.  87ҩык аиқәырхаҩцәа рҟынтә  10ҩык  —   адгьылҵысра алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа ирылахәхәо аҳаипланқәа рекипаж роуп.