Уаҵәы, Акоординациатә хеилак аилатәараҿы апандемиа иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит
Уаҵәы, Акоординациатә хеилак аилатәараҿы апандемиа иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава лҳәамҭала,  уаҵәы имҩаҧысуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы апандемиа аҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

«Иахьа уажәраанӡа исериозу аҧкрақәа рыда аҭагылазаашьа ахылаҧшра ҳалшон. Уажәы ахҧатәи ацәқәырҧа ҳҭагылоуп,  авирус ҿызкааз ауаа рацәахеит,  убри аҟынтә авакцинациа апроцесс арҭбаара ҳазхәыцроуп. Уаҵәы абарҭ азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәоит», —  илҳәеит Турнава.

Лара лажәақәа рыла, авакцинациа апроцесс активла иалахәып атуристтә обиектқәагьы.